Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьонуа Ажара ақыҭан атоннель азы: аиҭашьақәыргылара ҳамч зақәхом

© Sputnik / Томас ТхайцукСергеи Џьонуа
Сергеи Џьонуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Ажара ақыҭа аиҳабы Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ажара ақыҭан атоннель абгара инамаданы аиасра шшәарҭоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ажара ақыҭан атоннель абгара атәы

"Макьана амашьына хәыҷқәеи адуқәеи ииасыртә иҟоуп, аха еиҭа икаҳараны ишыҟоу убоит. Џьара аӡәы иқәымҳандаз, машәырк ҟамландаз. Ҳамч зықәхо ҳәа акгьы ыҟам. Ари аҟазацәа адԥхьалатәуп, ԥаса зны аекспертиза аныҟаҳҵоз ахә ршьеит, иарктәуп ҳәа ҳарҳәеит. Иаҳаркыр аныҟәарҭа ҳамаӡам, аҽаџьара амашьынамҩа ыҟаӡам. Џгьарда ахәҵала амҩа ҟауҵозар, аԥара рацәа, аамҭа аҭахуп", - иҳәеит Џьонуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Кәыдрытәи аҩхаахь узго атоннель ахәҭак бгеит ахәаша, хәажәкыра 6 рзы. Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи Кәыдрытәи аҩхааи еимаздо атоннель ргылан 1964 шықәсазы. Хышықәса ҵуеит уи аҭӡы еиҟәышьшьеижьҭеи. Уи аахижьҭеи атоннель аҭагылазаашьа шәарҭоуп. Ааԥхьара зырҭаз уралтәи аспециалистцәа аекспертиза аныҟарҵа ашьҭахь иазгәарҭеит атоннель акапиталтә ремонт аҟаҵаразы амҩанысра зынӡа иаанкылатәхар шакәхо. Шықәсқәак раԥхьа аҟазацәа иазгәарҭахьан атоннель аиҭашьақәыргылара 240 миллион мааҭ ақәхарџьтәуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0