Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маланиаԥҳа аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раара иазкны: макьаназы алацәажәара уадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлизавета Малания
Елизавета Малания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны зымҽхак ҭбаау ачымазара ҿкы иахҟьаны аԥхын Аԥсны аԥсшьаҩцәа шаднакыло, асезон шыҟало атәы алацәажәара заацәоуп ҳәа азгәалҭеит атурфирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Маланиаԥҳа аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа рааразы: макьаназы иуадаҩуп алацәажәара

"Иахьатәи амш азы иуадаҩуп аԥхын аԥсшьаҩцәа шыҟало атәы аҳәара, избанзар амзызқәа рацәоуп, раԥхьа игылоуп ачымазара ҿкы иахҟьаны адунеи аҟны апандемиа, насгьы адунеитә економика аҭагылазаашьа. Аԥсшьаҩцәа ртәы ҳҳәозар, урҭ рахьынтә ирацәаҩуп хаҭалатәи анаплакқәа рҿы аус зуа, рыбжеиҳараҩык аамҭала руалафахәы аанкыланы иҟоуп. Иаҳдыруеит уи иахҟьаны аԥхын аԥсшьаразы еизыргараны иҟаз аԥара шырмоуа, раарагьы уадаҩхоит. Иахьатәи аамҭазы еснагь ҳрыҿцәжәоит Урыстәылатәи атуроператорцәа, дара рҟны аҭагылазаашьа еиԥшым. Иҟоуп урҭ рыбжьара Аԥсныҟа иаархәо атурқәа иахьацлаз, иҟоуп заанаҵтәи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа раанкылара маҷхеит зҳәогьы. Аекспертцәа ирҳәо гәаҳҭозар, урҭ иазгәарҭоит раԥхьаӡа акәны ишышақәгыло аҩныҵҟатәи атуризм, уахь аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раарагьы адырԥхьаӡалеит. Сара сгәаанагарала макьана ачымазара ҿкы ахы шымҩаԥнаго ҳаздыруам, убри аҟынтәи ацәажәарагьы уадаҩуп аҭагылазаашьа зеиԥшрахо азы. Ҳара маи мза  аԥсшьарамшқәа рзы ҳарзыԥшын ауаа, аха ишаҳдыруа ала, Шәача иун мза аҟынӡа асасааирҭақәа аркуп, аҳаирбаӷәазагьы, ҳара ҳҟны  акарантин аамҭа нҵәаргьы, изаауам", - лҳәеит Маланиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0