Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар: Аԥсны зегьы еилыркаауазароуп аҿиара аганахьала ауадаҩра змоу аԥсуаа шракәу

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адемографиеи арепатриациеи рзы аминистр Беслан Дбар арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ииуа ахԥатәи ахшара инаиркны 100-100 нызқь мааҭ шырзыршәало Арепатриациа афонд аҟынтәи.
Дбар: Аԥсны зегьы еилыркаауазароуп аҿиара аганахьала ауадаҩра змоу аԥсуаа шракәу

"Азҵаара иалацәажәеит Жәлар реизараҟны, ишдыру еиԥш, ус еиԥш афонд аԥҵаҩцәас иҟан адепутатцәа, аха анаҩс иуадаҩхеит аусқәа зегьы рынагӡара. Арепатриациазы аминистрра ахьӡ аиуеит убасгьы адемографиазы аминистрра ҳәа, уи азҵаарақәагьы анапы ианҵан. Ҳара иазҳархиеит апрограмма "Адемографиа аҿиара 2020", ҳазҭоу ашықәс абиуџьет аҟны иарбан 50 миллион мааҭ аԥсуа ҭаацәарақәа рзы. Абраҟа аилкаара ыҟазарц сҭахуп ари аҳәынҭқарра ашьагәыҭҭә милаҭ, аетнос аиқәырхаразы ауп, даҽакала гәаанагарак ҟамлароуп. Ари аԥсуаа ҳмаҷра иахҟьаны иҟалаз зҵаароуп, даҿакала издызкылогьы ҟалар ауеит, аха ираҳәатәуп амилаҭқәа иахьа Аԥсны иҳаланхо: аҿиара аганахьала уадаҩра змоу аԥсуаа ҳауп. Ахԥатәи ахәыҷы инаиркны аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ииуа 100-100 нызқь мааҭ раҳҭалоит афонд аҟынтәи. Адокументқәа зегьы еиқәыршәаны 40 ҭаацәара рҟынӡа аԥара рзахыԥхьаӡалан, ари раԥхьатәи шьаҿоуп, агәра ганы сыҟоуп ари аус ишацҵахо", - иҳәеит Дбар.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0