Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҷелиаԥҳа акоронавирус азы: шьоукы иҟам џьыршьоит, аха ргәы иажьоит

© SputnikАнжела Арчелия
Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҽацәыхьчаразы ауааԥсыра ишахәҭоу еиԥш аԥҟарақәа ирықәныҟәом, абри атәы лҳәеит ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Арҷелиаԥҳа акоронавирус азы: шьоукы иҟам џьыршьоит, аха ргәы иажьоит

"Ауааԥсры ишахәҭоу акарантин азы иаԥҵоу аԥҟарақәа ирықәныҟәом, ауаа рацәаҩны амҩаду аҿы иубоит, аџьармыкьахь инеиуеит, еибагәыдкылоит, рнапы еимырхуеит, аха ачымазаразы ашәарҭара шыҟац иаанхоит, уи аҽацәахьчатәуп. Хҩык роуп ачымазаҩцәа иҳамоу, аха руаӡәк игәабзиара уашәшәыроуп. Шьоукы ргәы иаанагоит ачымазара ахәышәтәра мариоуп ҳәа, аха уи зыхьыз рҭагылаазашьа уадаҩын, рыԥсҭазаарагьы ашәарҭара иҭагылан. Адәахьы санырбалак, иҟаӡам уи ачымазара ҳәа сыркуеит, мцу џьыршьоит. Ҳара аӡәгьы амц ҳҳәаӡом, ачымазара ӷәӷәоуп, аха ус шакәугьы ҳара акы ҳацәымшәо ҳҟалеит, уи иашам. Адәқьан ахь уцозарагьы, макьана иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәалатәуп. Ҳҳәынҭқарра ахахьы иагеит ачымазаҩцәа рыхәшәтәра, аха уи иақәгәыӷтәым, аҿкы алаҵәара аиур ҳаихьымӡар алшоит. Ауааԥсыра рыҽныркылароуп, рхы иацклаԥшыроуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Арҷелиаԥҳа.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0