"Сусумҭақәа зыдҳәалоу, изызку сара занааҭла сызҿу аус ауп, афольклорҭҵаара, аетнографиатә материал аизгара. Еиҳарак Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аекспедициақәа раан сара хаҭала иҟасҵаз афотоҭыхымҭақәа аицлабрахь ирысҭеит, иалахәхартә иҟасҵеит. Аԥхьахә згазгьы убасҟан иҭысхыз аусумҭақәа руак ауп. Сусумҭақәа рҿы зегь реиҳа ихадароу ҳажәлар рынхашьа-рынҵышьа, ҳкультура, ҳдоуҳа, ҳҵас-ҳқьабз ахьаарԥшу ауп. Уажә иалкаахаз сусумҭагьы ҳанхара-ҳанҵыра аазырԥшуа ҭыхымҭоуп. Иара ҟаҵан Ҷлоу ақыҭан Адрушька Џьапуа иҩнаҭаҿы, абарҵа дахьыҵагылаз иҭысхыз ауп. Аԥсуа иҭеиҭыԥш, илакҭа - убри ауп, ҳәарада, аӡбаҩцәагьы хызхыз", - ҳәа еиҭалҳәеит Саида Ҳаџьым.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Жәларбжьаратәи афотокункурс "Абхазия в фокусе. Он-лайн" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит. Иара хацыркын ԥхынҷкәынмза 25, 2019 шықәса рзы, ахыркәшарагьы азгәаҭоуп 2020 шықәса цәыббрамзазы. Дарбанзаалак Аԥсны, мамзаргьы ҳтәыла анҭыҵ инхо имоуп алшара Аԥсны иҟаҵоу аҭыхымҭақәа аицлабрахь рынашьҭра. Аконкурс шьақәгылоуп х-етапк рыла, иамоуп 13 номинациа. Етапцыԥхьаӡа иалкаахоит иреиӷьӡоу аусумҭақәа, анаҩс аҵыхәтәаны имҩаԥгахоит азеиԥштә цәыргақәҵа. Аконкурс ахықәкы хада – Аԥсны иахьатәи амш азы ахаҿсахьа аизгара, аарԥшра, анаҩс уи егьырҭ атәылақәа рҿы аӡыргаразы.