Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷолокәуа Аԥсны ахәбатәи ахада иҭоубашьҭаҵаразы: икьаҿын, еиҿкаан, еиԥҟьарада имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Чолокуа
Алхас Чолокуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара аиҿкаашьа атәы.
Ҷолокәуа Аԥсны ахәбатәи ахада иҭоубашьҭаҵаразы: икьаҿын, еиҿкаан, еиԥҟьарада имҩаԥысит

Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит иахьа Аԥсны ахада иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Уи иалахәын Жәлар Реизара адепутатцәа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, Урыстәылатәи Афедерациеи Алада Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа, Аԥсны иҟоу Приднестровие-Молдавиатәи ареспублика аофициалтә хаҭарнак.

"Даара ибзианы еиҿкаан, џьара еиԥҟьарак ҟамлаӡакәа. Ус аамҭала имаҷны ицон, иҟоу аҭагылазаашьа ачымазара ҿкы иахҟьаны, зегьы ирдыруеит. Аамҭа кьаҿын, аха зегьы бзианы еиҿкаан. Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ аԥсышәала ицәажәара иззыԥшымыз хҭысын, зегьы ргәы иахәеит, пату дуны ирыԥхьаӡеит. Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа рҟынтәи аинаугурациаҟны дыҟан Леонид Ӡаԥшьба, Адгәыр Арӡынба дсымбаӡеит. Аҭоубашьҭаҵарахь инеиуаз зегьы амедицинатә усзуҩцәа игәарҭон, ршоура ршәон. Асабрадақәа џьарак аишәаҟны иқәын, изҭахыз ирхарҵар ҟалон, аха уи зхы иазырхәаз ҳәа аӡә лоуп игәасҭаз, уи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аҭакзыԥхықәу лакәын", - иҳәеит Ҷолокәуа.

Аҳәынҭқарра ахада игәабзиара аганахьала дышԥаҟоу, дышԥеиба ҳәа азҵаара аҭакс Ҷолокәуа иазгәеиҭеит згәабзиараҟны уадаҩрак змоу иԥшра шимам.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0