Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абҳазоу Қьаазым Агәмаа изы: ирҿиара аибашьра атема цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра инамаданы арадио Sputnik аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагоит. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәҟәыҩҩы, апоет Қьаазым Агәмаа ҳлитератураҿы илагалеи, аԥсадгьыл ахьчара иалахәреи, илахьынҵеи ртәы.

Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Қьаазым Агәмаа диит лаҵара 1, 1915 шықәсазы. Деибашьуан Брианск абнаршәырақәа рҿы апартизантә гәыԥ даланы.

Аиааира ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Абҳазоу ашәҟәыҩҩы Қьаазым Агәмаа изкны

"Қьаазым Агәмаа ашкол аҟны алитература агәыбылра икит. Иҩызцәа изларгәалашәоз ала, раԥхьа ииҩыз ажәеинраала "Маи акы" ахьӡын. Аҟәа атехникум аҟны аҵара ахьиҵоз алитературахь дхьазырԥшыз акәны иҟалеит ҳәа сгәы иаанагоит уа еиҿкааз алитературатә кружок иахьалаз Ӡаӡ Дарсалиа, Мушьни Аҳашба, Миха Лакрба, Шамил Хокерба. Арҭ зегьы аԥхьаҟа ишәҟыҩҩцәахаз, ижурналистцәахаз роуп. 1940 шықәсазы иара арра дцеит, уаантәи афронт ахь. Украина, Белоруссиа абнаршәырақәа рҟны апартизантә гәыԥқәа дрыланы деибашьуан. Аԥсадгьыл азықәԥаҩ, аибашьҩы алитература дацәхьамҵӡеит, аамҭак шиоуаз акы аниҵон. 1944 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсныҟа дхынҳәит афронт аҟны иоуз ахәра ӷәӷәа иахҟьаны. Иара аибашьраан иаԥиҵаз ажәеинраалақәа ашколқәа рҟны акыр шықәса ирхысуеит, аԥсуа поезиа аклассикатә ԥҵамҭақәа рахь иаҵанакуеит "Асалам Аҟәаҟа", "Асолдаҭ иҳаҭгәын". Иҟоуп убасгьы апрозатә рҿиамҭақәа. Апроза ашҟа дызламҩахыҵыз иҭоурыхтә роман "Селым" ацыԥҵәахақәа акьыԥхь иабеит 1940 шықәсазы. Ароман ахәҭақәа ицәыбжьаӡит аибашьраан. Ихыркәшамкәа иаанхеит аибашьра ашьҭахь ииҩуаз аҩбатәи ироман "Аӡыхь". Уигьы инарҭбааз епикатә рҿиамҭан, аибашьра ашьҭахь аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара иазкуп. Иаԥиҵеит аповест "Абаандаҩы", ажәабжь "Икамшәаз алаӷырӡ". Аибашьра атема ирҿиара зегьы цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит. Қьаазым Агәмаа аибашьраан иоуз ахәра иахҟьаны 1950 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит Абҳазоу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0