Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа аволонтиортә гәыԥ "Абырг" азы: аҿар ирылшо ахьыҟарҵо среихырхәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДалила Пилия
Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зураб Ачба ихьӡ зху агәыҳалалратә центр аҿы мызкы инацны иаԥҵоу аволонтиортә штаб "Абырг" аусура атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи анапхгаҩы Далила Ԥлиаԥҳа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бараҭелиа агәамеизакырҭа азҵаара иазкны

"Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ачымазара ҿкы анцәырҵ, аҩны ҳамтәар амуит. Аҿари сареи ҳаилацәажәан иазыразхеит ацхыраара аҟаҵаразы хатәгәаԥхарала аштаб аиҿкаара. Ҳаалаган Гал инаркны Гагранӡа ҩыџьа-ҩыџьа аштаб ахаҭарнакцәас иҟаҵаны дара рхала рықалақьқәа, рраионқәа рҟны агәыҳалалра аус амҩаԥгаразы аҿар радԥхьалара рнапы ианҵан. Хықәкыс иҳамаз зегь раԥхьа иргыланы абыргцәа азаҵәқәа, адәы идәылҵны хара изымцо, акы рзаазго дызмам хәшәыла, фатәыла реиқәыршәара. Ус еиԥш иҟоу ауаа ирыцлеит ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәагьы. Зегь реиҳа пату ақәысҵоит Урыстәыла аҵара зҵоз астудентцәа, мшаԥымзазы аҩныҟа иоурыжьыз, ҳҭаацәа амашьынақәа рымоуп, ацхыраара ҟаҳҵар ҳҭахуп, ҳшәыдгылоит ҳәа аҭел иасны иҳазҳәаз. Ачба, Ашәба, Еныкь аҷкәынцәа сыздыруам, аха адгылара ҟарҵоит. Урҭ ирыдгылеит факультетцыԥхьаӡа астудентцәа", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0