Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кокосқьериа ашьхааӡара иазкны

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Дмитрий Кокоскерия
Дмитрий Кокоскерия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьхааӡаҩ, ақыҭанхамҩатә академиа аушьҭымҭа Дмитри Кокосқьериа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашьхааӡара ишазнеитәу, насгьы лаҵарамзазтәи ацха аԥшра ианалаго атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кокосқьериа ашьхааӡара иазкны

"Ашьхымзақәа рыла ԥарак сырҳандаз ҳәа иццакны иалагақәо ыҟоуп, аха ус ашьха узааӡаӡом. Ари лымкаала, пату ақәҵаны уазнеироуп, ахәыҷы дуааӡо иаҩызоуп, ацныҟәара аҭахуп, угәы ибзианы иазыбылуазароуп. Ацха аӡәы игәаԥхо егьи игәамԥхаргьы алшоит. Џьоукы лаҵарамзазы ирԥшыз игәаԥхоит, егьи - ҽакы. Ақдышьха захьӡу ажәытә ашьхақәа шырааӡоз еиԥш имҩаԥаагоит иахьагьы, ақыдқәа рыцқьаны ашьхыҵә анеиҿыҵуа иҭаԥсаны иҳааӡоит, арамкақәа рыламыргылакәа иҳааӡоит. Ус агьама иаҳа ихаауп, аԥсабарагьы уацныҟәоит, иаҳа ицқьоуп. Шықәсык ахь знык иамҳхуеит ақды, ацха жәпаны еиқәаны иҟоуп, агьамагьы лымкаала ибзиоуп, ацәыргақәҵақәа рҟны иахәҭоу аҭыԥ ааннакылахьеит", - иҳәеит Кокосқьериа.

Иара убасгьы иҳәеит ашьхыцтә терапиа амҩаԥгаразы агәабзиарачаԥарҭа аиҿкааразы игәҭакы ахьынӡанеигахьоу атәы.
Сынтәа лаҵарамзазтәи ацха ҳәа изышьҭоу аԥшра макьана иаламгацт, алакациа ашәҭра иахымсӡацт ҳәа азгәеиҭеит ашьхааӡаҩ.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0