Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьиа аҵарашықәс ахыркәшаразы: даҽа аамҭанык еиԥшым аиҭакрақәа алагалоуп

© Фото : из личного архиваФеликс Джинджия
Феликс Джинджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит аҵарашықәс шыхдыркәшаз атәы.

Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵараҵара хацыркхоит рашәарамза 2 рзы, уи мҩаԥыслоит ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа.

Сынтәа азеиԥш ҵараиурҭақәа ирылгоит 1830-ҩык  аҵаҩцәа, жәаҩык амедал аиуразы иқәгылоуп.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьиа аҵарашықәс ахыркәшара иазкны

"Аминистрраҟны аиԥылара ыҟан аҵарашықәс ахыркәшара иазкны, уи араионқәа рхадарақәа рҵара аҟәшақәа реиҳабацәа алахәын. Сынтәатәи аҵарашықәс даҽа аамҭанак еиԥшымкәа аиҭакрақәа алагалоуп идыру амзызқәа ирыхҟьаны (адунеи аҟны ачымазара ҿкы азы ишьақәгылаз аҭагылзаашьа - аред.). Ажәбатәи акласс иалгогьы аттестатқәа роур ҟалоит, уаанӡа алшықәсан ирымаз ахәшьара.

Нугзар Логуа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Логәуа: адипломтә усумҭақәа зыхьчо абжьааԥнык иеиԥшымкәа ирзыԥҵәоу аамҭа еиҵыхуп

Ажәеизатәи акласс аҟны хәба рахьынтә ҩ-ԥышәарак ҟалоит аҩрала. Ахьтәы медалла иалго рызҵаара убас иӡбоуп, араионқәа рҟынтәи зегьы еизганы, аҵара аминистрраҟны аҩрала игәаҭазарц рдырра аҩаӡара ахьынӡаҳараку. Иааиуа амза 2 инаркны 15 рҟынӡа ҳәа ақәҵара шьҭыхуп аушьҭымҭацәа рыхшыҩ хәыҷык арҵарразы, аԥышәарақәа разыҟаҵаразы ашкол ахь инеиуеит", - иҳәеит  Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Уаанӡа Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба аҳәамҭа ҟаиҵахьан амаҭәарқәа рзы аихшьалатә атестациаҿы ашықәстә хәшьарақәа ықәыргылахоит ҳәа. Атәылаҿы акоронавирус иахырҟьаны 1-10 аклассқәа рҵаҩцәа рзы аҵарашықәс хыркәшоуп, аиагаратә ԥышәарақәагьы аԥыхуп, аԥышәарақәа азҭо ажәеизатәи акласс аушьҭымҭацәа роуп. Актәи акласс ахь ицо рышәҟәқәа рыдкылара иалагоит нанҳәамзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0