Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачхалиа Ешыратәи аӡцрыҵрыцқьарҭақәа русуразы: аӡрыжәтә еиԥш икеикеиуа иаҳрыцқьоит

© Foto / предоставлено Миленой ЧачхалияМирон Чачхалия
Мирон Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Аӡыканал" иатәу Ешыра ақыҭан иҟоу аӡцрыҵрыцқьарҭақәа ркомплекс аиҳабы Мирон Чачхалиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит акомплекс аусура шеиҿкаау атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Чачхалиа Ешыра иҟоу аӡцрыҵрырыцқьарҭақәа ркомплекс аусура атәы

"Аӡцрыҵқәа ирыцқьан амшын ахь иаҳашьҭуа аҵәца иҭаҭәаны уахәаԥшыр, ауаа иржәуа аӡеиԥш икеикеиуа иҟоуп, убас еиԥш иарыцқьоит. Ас еиԥш аргылара аибашьра иалагаанӡагьы иҟан ара, ус Пицундагьы аус аун, иара убас Очамчыра аргылара иаҿын. Иахьазы Аԥсны зегьы Аҟәа ада џьаргьы иҟаӡам ас еиԥш аӡцрыҵқәа ахьыдрыцқьо аҭыԥ. Аҟәантәи аӡқәа Ешыраҟа иаауеит аӡҭарчқәа ирыбзоураны. Аӡқәа кыраамҭа иангылоу ахәашьра аҵахь ишцо еиԥш, араҟагьы ус еиԥш ауп аӡқәа ррыцқьара аус шцо. Аҵыхәтәантәи аетап аҿы ахлор аҭаны, уаҩы иԥырхагамхо иҟаҵаны амшын ахь иҳашьҭуеит. Аӡымҩангагақәа амшын аԥшаҳәаҟынтә агәахьы инагоуп ҩ-километрак рҟынӡа, аҵаулара 86 метра иҟоуп. Иааидкыланы акомплекс аус ауеит ԥшьышықәса инарзынаԥшуа уахгьы-ҽынгьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чачхалиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0