Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәԥҳа Аԥсуа театр аҭааҩцәа рзы: асценаҟны ҳаиқәшәаранӡа хәыҷык ауп иаанхаз

© Foto / предоставлено Шаридой ТужбаШарида Тужба
Шарида Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи рымадаразы Аԥсуа драматә театр адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит акарантин ашьҭахь атеатр ахәаԥшцәа ирыднагало ақәыргыламҭақәа ртәы.
Ҭыжәԥҳа Аԥсуа театр аҭааҩцәа рзы: асцена аҟны ҳаиқәшәаранӡа хәыҷык ауп иаанхаз

"Акарантин ашьҭахь атеатрқәа рыԥсы ҭалеит, аусура ҳахьҭыҵыз агәахәара ҳнаҭоит. Актиорцәа рзы асцена насыԥуп, уи ианагу, рыԥсҭазаара кьаҿхоит. Иахьазы аспектакль ҿыц ақәыргыларазы аҽазыҟаҵарақәа цоит, апҳьарбара ҟалоит ԥхынгәы 7-8 рзы. Уи Едуардо де Филиппо икомедиа "Цилиндр" ауп. Сгәаанагарала, ҳахәаԥшцәа даара игәхьааганы иҟоуп аԥсышәала алаф, уи асценаҟынтәи ианраҳауа гәахәарыла ирыдыркылоит. Убасгьы ԥхынгәымзазы идҳарбоит зегьы бзиа еицырбо "Ромеои Џьулеттеи". Уи Аԥсуа театр аҟны ҵыԥх аԥхьарбара ыҟан, аншлагқәа 15 ҟалахьеит… Ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсуа бираҟ амш аҳаҭыр азы Аҳәынҭқарратә ахортә капелла аконцерт дҳарбоит ахәаԥшцәа, ҳарзыԥшуп аклассикатә музыка абзиабаҩцәа", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.

Лара лажәақәа рыла Аԥсуа театр афиша еиҿкаауп, аинтернет даҟьаҟны избаз гәахәарыла ирыдыркылеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0