Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: ансамбль "Шьараҭын" анапхгаҩы Руслан Бебиа

© Sputnik / Леон Адлейба Руслан Бебия
Руслан Бебия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьаратын" асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада Руслан Бебиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иира мшы шазгәеиҭо, гәыҵхас имоу.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: ансамбль "Шьараҭын" анапхгаҩы Руслан Бебиа

Сынтәа Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьаратын" еиҿкаауижьҭеи 50 шықәса ҵит, уи асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистр хада, Аԥсны Жәлар рартист, Чечентәылатәи ареспублика аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Руслан Бебиа иахьа 55 шықәса шықәса ихыҵит.

"Ансамбль "Шьараҭын" – сыԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа ауп. Саб рыцҳа иҭаҳцәа уиаҟара дҳашьҭымызт, шаҟа аусура дадҳәалаз. Ҳара – иҷкәынцәа ҳахҩыкгьы ҳкәашон, ҳшыхәыҷқәаз ансамбль ашьақәгылара ҳбеит, уа ҳрылагылан… "Шьараҭын" ада ԥсыхәа ҳамам", – иҳәеит Руслан Бебиа.

Иара иазгәеиҭеит иира мшы акәымкәа, ансамбль аиубилеи амҩаԥгара дшазхәыцуа.

"Сиубилеи азхәыцра аамҭа сымам, схы-сгәы, сҭаҳцәа зегьы, ансамбль знапы алакыз сан аԥхьа днаргыланы, сашьцәа, аҭацацәа, ахәыҷқәа ҳзызхәыцуа ансамбль аиубилеи ауп. Сара сиубилеи усҟак узлацәажәаша усым. Ақыҭахь сцоит, убра акы снахаахоит. Егьыс адныҳәаларақәа рацәаны исзаарышьҭуеит Урыстәылантә, ҳашьцәа нхыҵ инхо ансамбльқәа рнапхгаҩцәа, аминистрцәа… Шә-напык умазар ианузымхо аамҭахеит уажәы. Аҟаза 55 шықәса анихыҵуа иаҳагьы дазхәыцуа далагоит иҭоурых, иқьабзқәа, афольклор иаҳа иҭиҵаауа далагоит, иқәиргыло акәашара даҽа знеишьак аиҭоит. Уанҿоу иаҳа аццакрақәа умоуп, уажәы ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа рыкәашашьа, ртәашьа-ргылашьа, рпатуеиқәҵашьа иаҳа уазхәыцны, еилкааны акәашара ҿыц уазнеиуеит", – иҳәеит Бебиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0