Ачадара иҟоу "Аԥсуа хысратә клуб" ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Алиас Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭыԥан ашәарҭара шеиҿкаау, насгьы избан аҭыԥҳацәа ахысраҿы алҵшәа бзиақәа заадырԥшуа.
Афонҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" аиҳабы Алхас Аргәын арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аҳәырԥсарра иаҵанакуа Аԥсны аҳра амузеи аекспонат ҿыцқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Аусӡбарҭаҿы 30 шықәса инареиҳаны аус зухьоу, иахьа хықәкыла ашьхааӡара знапы алаку Владимир Ҳараниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан аԥсуа шьхақәа иҟарҵо ацха жәытә-натә аахыс ахә ҳаракны изыршьоз.
Ԥхынгәы 12 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит аԥсыӡкҩы имш. Ҵәгәырла аԥсыӡкра бзиа избо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Руслан Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы иҟоу аԥсыӡхшьаара апроблема атәы, насгьы аԥсыӡқәа рыхьӡ аԥсышәала ахархәара замам.