Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиба Багаԥшь ибаҟа аргыларазы аицлабразы: аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа иаҳа ирзымариахон

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлейба
Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа аргылара аконкурс аҿҳәара инахоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10-нӡа, арзаҳал аӡәгьы иахьалаимҵаз иахҟьаны. Ари аҭагылазаашьазы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.
Адлеиба Багаԥшь ибаҟа аргыларазы аицлабразы: аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа иаҳа ирзымариахон

"Аицлабра иазҿлымҳау иаҳасабала исҳәарц сылшоит, саргьы аконкурс схы аласырхәырц сгәы иҭоуп, абжьаҭарақәа рҵыхәала иҟаз аилыхарақәеи аҿкы ачымазара аламырҵәаразы иҟаз аԥкрақәеи ирыхҟьеит ҳәа. Ибзиан Нхыҵ-аахыҵ рхы аладырхәыргьы, аха инышәынҭраҿы игылоу абаҟазы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҳамоуп, сара усазҵаауазар: идоуҳа збаӡом, ихьшәашәацәоуп. Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рхы аадырԥшыр цәгьа избом, избан акәзар, Сергеи Багаԥшь ибзианы даҳдыруан, уи аҟнытә идоуҳа ашьақәыргылараҿы иаҳа ирзымариахон ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Адлеиба.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0