Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥачалиа еиҭеиҳәеит аԥсуа шьапылампылтә чемпионат амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа шцоз

© Sputnik / Марианна Кубрава Ренат Пачалия
Ренат Пачалия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ренат Ԥачалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны акыраамҭа имҩаԥымсуаз ашьапылампылтә чемпионат ахацыркразы акомандақәа имҩаԥыргоз аусура атәы, насгьы уаанӡа ирымаз афинанстә проблемақәа рыӡбара шалыршахаз.
Ԥачалиа еиҭеиҳәеит аԥсуа шьапылампылтә Чемпионат амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа шцоз

"Ачемпионат акраамҭа иҟаӡамызт, иара иалагаран иҟан ҵыԥх ҭагалан азы, аха усҟан афинанстә проблемакәа ирыхьаҟны ачемпионат еиҭагахеит, нас апандемиа иахҟьаны ачемпионат еиҭах еиҭаган. Уажәы нанҳәа 3 рзы иазгәаҭоуп ачемпионат аартра. Ашьапылампыл аазы афедерациа аиҳабы Џьума Кәарацхьелиеи аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥари ирҳәеит ачемпионат амҩаԥгара даара ауадаҩрақәа шацыз, аха урҭ ауадаҩрақәа ирхысны ирылдыршеит ачемпионат аиҿкаара. Быжькомандак иҟоуп Аԥсны зынӡа, дара зегьы ацхыраара рҭахуп, аха ачемпионат аҽазыҟаҵара адагьы, акоманда иҭышәынтәалан иҟаларцаз ашықәс азы 2 миллионк рҟныӡа аԥара рҭахуп. Еизгоу акомандак аныҟәгаразы шықәсык 5 миллионк рҟынӡа аҭахуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥачалиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0