Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какобаԥҳа еиҭалҳәеит акоронавирустә ҿкы аарԥшразы Тҟәарчал лшарас ирымоу атәы

© Foto / предоставлено Мариной КакобаМарина Какоба
Марина Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа алаборант Марина Какобаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа аусушьа шеиҿкаау, аҵыхәтәантәи аамҭазы ашоура рыманы ӡәыр дрыдҵаало, аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Какобаԥҳа Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа аусушьа иазкны

Акоронавирустә ҿкы ахҭыс ҿыцқәа ҩаԥхьа иаарԥшхеит Аԥсны аҵыхәтәантәи амчыбжь азы, аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ачымазцәа рхыԥхьаӡара есҽны иацлоит.

"Иахьа амза 29 рзы ҳраионтә хәышәтәырҭахь аӡәгьы дадымҵаалаӡацт ашоура рыманы. Уаанӡа, ачымазара ҿыц аҽарцәгьаанӡа хҩык рҟынтә аматериал ган, Аҟәаҟа идәықәҵан. Уи азы ацхыраара лас амашьына иақәтәоу ҩыџьеи аепидемиологи ыҟоуп. Аҭак ҳауит ирымаӡам ачымазара ҳәа. Иахьазы иҟоуп Қырҭтәыла аганахьала амҩа аамҭала ианаартыз, аҳәаа иахыҵыз шәҩык инареиҳаны аҩны итәоуп. Ахәышәтәырҭаҟынтәи амедиаҳәшьа далхны дыҟоуп, есҽны аҭел дырзасуеит, ирҳәоит ашоура рымоу ирымаму атәы. Ус ахәышәтәырҭаҟны иҳадҵаалоит ашьақар чымазара змоу, зшьақәыӷәӷәара хало. Ҳраион аҟны иахьазы аҭагылазаашьа цәгьаӡам, анцәа иумҳәан, аҿкы аарԥшхаргьы, ачымазцәа Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь иргартә еиԥш иҟоуп", - лҳәеит Какобаԥҳа.

Лара адырра ҟалҵеит араионтә хәышәтәырҭаҟны аҿкы аарԥшразы атестқәа шрымам.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Даҽа фҩык ауааԥсыра акоронавирус рцәа ишалоу ааԥшит Аԥсны
Ажәабжьқәа зегьы
0