Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: амаининг азы аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит, аха анагӡара кәадоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБадрак Авидзба
Бадрак Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амаининг ахархәаразы иҟоу агәаанагарақәа, алшарақәа, уи ирызку аиҳабыра рықәҵара анагӡашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари азҵаара ҭызҵаауаз ажурналист Бадраҟ Аҩӡба.

2018 шықәсазы Аԥсны аиҳабыра аӡбамҭа аднакылеит Егрытәи афымцатә станциаҟынтәи иаауа афымцалашара ахархәарала амаининг аусура закәаным ҳәа.

 

Аҩӡба: амаининг азы аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит, аха анагӡара кәадоуп

"Ари атема (амаининг азҵаара - аред.) акрызҵазкуа, иҵаулоу акоуп. Шықәсқәак раԥхьа иҟан шьоукы уи Аԥсны аекономика аҿиара иацхраап ҳәа агәыӷра дуқәа адызҳәалоз, аха анаҩс атәыла афымцасистема иаиуз ақәыӷәӷәара иахҟьаны Аминистрцәа Реилазаараҟны аӡбамҭа рыдыркылеит амаининг аусура закәаным ҳәа. Уи ашьҭахь аекономика аминистрраҟны азакәан апроект рҩит амаининг ахырхарҭала аусура ҳәаақәызҵо аԥҟарақәа арбаны. Адепутатцәа аилацәажәара ашьҭахь уи рыдрымкылеит. Амаининг мап ацәыркыижьҭеи шьҭа ҩышықәса ҵуеит. Иҟоуп ҩ-гәаанагарак ари азҵааразы: ганкахьала амаининг аусура афымцамчхара асистема ақәыӷәӷәара анаҭоит, уи аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳдыруеит; даҽа ганкахьала аекономистцәа рыбжьара иҟоуп амаининг аусура азакәан шьаҭа аҭаны Аԥсны имҩаԥгатәуп ҳәа зыԥхьаӡо. Афымцалашара аганахьала иҟоу ауадаҩрақәа ирхадоуп аиҳараҩык уи ахә ахьахырымшәаауа, амаининг знапы алаку ракәзар, аԥара рацәаны идырҳауеит, урҭ русура ҳәаақәызҵо системак аԥҵазар Аԥсны афымцамчхара арҿиара иацхраауеит ҳәа зыԥхьаӡо ыҟоуп. Уи ала аҳәынҭқарратә биуџьет аԥара ҭалоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп", - иҳәеит Аҩӡба.

 

Иара иазӷәеиҭеит азҵаара аҭҵаараан ишеиликааз, ҵыԥхи сынтәеи еиҿурԥшуазар, амаининг злаҟарҵо амаругақәа 2020 шықәса актәи азбжазы акыр ишеиҳау. Фымз ирылагӡаны Аԥсныҟа иҭаргалеит 42 миллион мааҭ рыхә амаругақәа, 2019 шықәсазы - 12 миллион мааҭ рыхә.

"Амаругақәа Аԥсныҟа рҭагалара ҟалоит, избанзар уи акомпиутертә техника ҳәа ииаргоит. Ганкахьала амаининг Аԥсны аус адуулар ҟалом, даҽа ганкахьала аус зларуа амаруга ааргар ҟалоит. Ҳара иҳаздыруам Аҟәатәи аӡфымцастанциа амчра хадырҭәаахьоу ихадмырҭәаахьоу, аха агәаанагара ыҟоуп урҭ амаругақәа аҽаџьарагьы ахархәара рырҭоит ҳәа. Ақәҵара амаининг азы ианрыдыркыла, уи шынагӡатәу ҳәа аԥҟарақәа шьақәыргыланы иҟарымҵеит, аӡбара рыдыркылеит, аха анагӡара кәадоуп", - иҳәеит Бадраҟ Аҩӡба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0