Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа еиҭеиҳәеит аҳәаа аартра аекономика аҭышәынтәалара аналнаршо атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашава
Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа аартра атәыла аекономика ишаныԥшуа атәы.

Ԥшьымз раахыс акороновирустә пандемиа иахҟьаны аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысразы аԥкрақәа алагалан. Нанҳәа 1 азы аҳәаа аартын.

 

Шьалашьаа еиҭеиҳәеит аҳәаа аартра аекономика аҭышәынтәалара аналнаршо атәы

"Аԥсны аҳәаа аамартыкәа, ҳтәылеиԥш ихәыҷу, ауаа маҷны иахьынхо ас еиԥш аҭагылазаашьаҟны иуадаҩуп. Араҟа иааурыхуа аҭирагьы уадаҩуп. Уажәы акурортқәа рахь идәықәыргало иалагар, рыԥсы еивыргоит ауҭраҭых ааӡара знапы алаку, ашәыр аазрыхуа, афатәқәа ҟазҵо, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа. Урҭқәа аҳәынҭқарра абиуџьет ахь иаларгалогьы маҷым, 20-25 процент рҟынӡа артәоит еидкыланы атуризм иаҵанакуа егьырҭ ахырхарҭақәа. Убри аан иазгәаҭатәуп, хсаалала атуристтә обиект дуқәа шракәу иҭагалоу, аҩынтәи асаасаирҭақәа ашәҟәы иҭагалам", - ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.

 

Иара игәаанагара иҳәеит атәылаҟны иҟоу аԥара азымхара аҭагылазаашьа ахьынӡаҽаԥсахуа, уи азы шаҟа аамҭа аҭаххо атәы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0