Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Акомиссар Ҭарба арра ахысра иазкны: амода хәыҷык ииасит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Тарба
Беслан Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари ашықәс азы аррамаҵзурахьы ааԥынтәи аҿар рнаԥхьара алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны арратә комиссар Беслан Ҭарба.

Сынтәа акороновирустә ҿкы иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы ааԥынтәи арра маҵзурахьы аҿар рнаԥхьара инахан, убри аҟынтәи уи ԥхынгәы 31 рзы ихыркәшан.

Акомиссар Ҭарба арра ахысра иазкны: амода хәыҷык ииасит

"Аррахь инаҳаԥхьаз аҿар 75 процент роуп аплан аҟны иаҳзарбаз рҟынтәи. Сынтәа адунеи аҟны ицәырҵыз ачымазарагьы (акоронавирустә ҿкы - аред.) ҳԥырхагахеит. Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны аррахь аҿар рнаԥхьара ианалагашаз аамҭа знык-ҩынтә ҳнахеит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа ааны арратә еизарҭа аҭыԥқәа рҟны адезинфекциа ҟаҳҵеит. Ҩымз ҳаҿын ааԥхьара. Иахьа арра ахысра амода цаны иҟоуп… Иахьатәи аҿар раԥхьа аҵара дыргылоит, нас арра ацара, џьоукы-џьоукы рыплан аҟны зынӡа иқәгылаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит арратә комиссар.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0