Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беиаԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьразы: есымшагьы ҳалагылоуп, хашҭшьа амам

© Sputnik / Томас ТхайцукМзия Бейя
Мзия Бейя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
28 шықәса раԥхьа Аԥсны нанҳәамза 14 рзы Аԥсны иалагеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра. Арадио Sputnik аефираҟны аибашьра раԥхьатәи амш лгәалашәараҿы ишаанхаз атәы еиҭалҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.
Беиаԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьразы: есымшагьы ҳалагылоуп, хашҭшьа амам

"Усҟан сара Иреиҳаӡоу Асовет аҿы аус зуан, Апарламент аилатәара ҳазыԥшын, адырра ҳауит абас еиԥш ҟалеит ҳәа. Уи аԥхьа ҩымз ҳара ҳҽазыҟаҳҵон ари ахҭыс ҟалар, доусы ҳнапы злаҳкуа ҳәа. Ахәцәа ацхыраара рызҭаша ҳәа агәыԥқәа реиҿкаара схала схахьы изгахьан. Ганкахьала иаадыруан аибашьра иалагар шалшоз, аха даҽаганкахьала уи ҳазыҟаҵамызт. Уи акәхеит… Доусы ҳхы зызкыз ахь ҳдәықәлеит. Сара Ацҳа ҟаԥшь ахь сцеит. Раԥхьатәи иҭахаз аҷкәынцәа рҟынтә иҟан сара хаҭалагьы издыруазгьы, уи -Нури Багаҭелиа, иара Агәыӡера дыршьит, анаҩс Ҷанба имҩаду аҿы дҭахеит Агрба ҷкәынакгьы. Аибашьра раԥхьатәи амш азы ахәцәагьы 11-ҩык рҟынӡа иҟан. Сҩызцәеи сареи есымша ҳалагылоуп ари ахҭыс, есымша ҳалацәажәоит аибашьра атема, уи хашьҭшьа ҳамаӡам", - еиҭалҳәеит Беиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0