"Нанҳәа акы инаркны 29-нӡа Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" имҩаԥнагоит иҿыцу аҩбатәи адкылара. Иааҳаԥхьоит ахәыҷқәа 8 инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Хымԥада, ҳара ҳахь иааиуа ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа рдыруазароуп, аԥсышәала ихәыцуазароуп. Ахәыҷқәа рхаҭа ирҭахызароуп асценаҟны ақәгылара, атеатр бзиа ирбозароуп. Рҭаацәа рнапы ианкны ианнарго атеатр ахь, хымԥада, акраҵанакуеит, аха ахәыҷқәа рхаҭа ирҭахызароуп, убри ҳара ҳзы аҵакы амоуп. Акастинг ахь иааиуа ахәыҷы ажәеинраала, апроза аҟынтәи цыԥҵәахак, амузыкалтә, акәашаратә номерк дырхиароуп", - иҳәеит Ҭодуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсышәала мацара: ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" акастинг рыланаҳәеит
-
Ҭодуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" аҟны алԥшаарақәа рыиагара зыхҟьаз атәы
-
Мықәба астудиа "Нарҭ" ақәыргыламҭаз: ахәыҷқәа реиԥш саргьы ибзианы исыдыскылеит