Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа: агәыҳалалратә фондқәа ҳаидгыланы аволонтиорцәа ргәыԥк еиҿаҳкаар бзиан

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уззыԥшӡамкәа иҟалар зылшо имариам аҭагылазаашьақәа раан иаку аволонтиортә еиҿкаара аԥҵара ахьынӡацхыраагӡахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" анагӡаратә директор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Џьынџьалԥҳа: агәыҳалаларатә фондқәа ҳаидгыланы аволонтиорцәа ргәыԥк еиҿаҳкаар бзиан

Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара иахьацлази Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аиҵбыратә медперсонал ахьазымхои азы Агәабзиарахьчара аминистрра ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵеит.

"Ҩышықәса раԥхьа Пермь афорум ахь ааԥхьара ҳаман. Уаҟа Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи арегионқәеи рԥышәа атәы еиҭарҳәон хәыда-ԥсада ауаа ацхыраара рыҭара иазкны. Аволонтиорцәа анеидгылалак, иарбан мчу ирымоу атәы азгәаҭан. Сгәы иаанагоит Аԥсынгьы абас еиуеиԥшым афорумқәа мҩаԥаҳгалар алҵшәа бзиа роуеит ҳәа. Аволонтиортә гәыԥқәа еиҿкааны иҟазар, уи иарбан аамҭазаалакгьы - цхыраара бзиоуп. Иара апандемиа аамҭа акәымзаргьы абжьааԥынгьы хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟазҵо ахырхарҭа роуеит. Сгәаанагарала, абри хәыҷык аҳәынҭқарра аганахьалагьы азхәыцра ҟаҵатәуп. Насгьы Аԥсны иҟоу агәыҳалалратә фондқәа ҳаидгыланы аволонтиорцәа ргәыԥк еиҿаҳкаар даара ицәгьамызт. Уи аҳәынҭқарреи ауааԥсыреи рзы цхыраара бзиахоит. Хәажәкыреи мшаԥи амзақәа рзы аҭагылазаашьа уадаҩ аан иаҳбеит ҳауаажәлар аидгылара шрымоу, еиҭахгьы иаҭаххар еидгылоит ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара уас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0