Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажьиԥҳа Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵаразы: лаӷырӡыла ҳазԥылаз, хашҭра зқәым мшуп

© Foto / предоставлено Ритой АжибаРита Ажиба
Рита Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Маргарита Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш шазгәарҭаз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ажьиԥҳа Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш иазкны

"Ари ныҳәа дуӡӡоуп аԥсуа жәлар зегьы ҳзы. Ҳәара аҭахума, Аԥсны зегьы ахьынӡанаӡааӡо ишазгәарҭо еиԥш аныҳәа Тҟәарчалаагьы иазгәаҳҭеит. Асааҭ хԥа рзы Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа ҳаизеит, убасгьы ашәҭқәа шьҭаҳҵеит иҭахаз аҷкәынцәа рбаҟа аҿаԥхьа. Акультуратә хан аҩнуҵаҟа ақәгылара мҩаԥган. Исасцәаны иаҳҭан Циала Ҷкадуа напхгара ззылуа ахәыҷтәы ансамбль "Абаза", - лҳәеит Ажьиԥҳа.

Лара илгәалалыршәеит 12 шықәса раԥхьа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара анаиу амш, лгәаанагара лҳәеит аҳәынҭқарра аҿиашьазы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0