Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Арбаика аҳаԥаҟнытә аԥсыбаҩ ахагаларазы аусурақәа ртәы

© SputnikЛев Квициния
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Арбаика иҟоу аҳаԥаҟны иҭахаз урыстәылатәи аспелеолог Демидов иԥсыбаҩ ахагалараҿы аԥсуа еиқәырхаҩцәа русура зызку атәы.
Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Арбаика аҳаԥы аҟнытә аԥсыбыҩ ахагаларазы аусурақәа ртәы

"Аԥсыбаҩ ахагаларазы амҩа ырманшәалатәуп аҟнытә аусурақәа макьана ицоит. Аспелеологцәа роуп уи аус знапы иану. Ҳара хыхь ацхыраара раҳҭоит, аӡы, амаҭәа ԥха уҳәа ирҭаху амаругақәа рыла еиқәҳаршәоит. Аурыс спелеологцәа даара аԥышәа змоу роуп. 300 метра аҵаулараҿы аус ҳуртә еиԥш аҭагылазаашьа ҳақәымшәац, Урыстәылантәи ианаауа аҳаԥы аҩнуҵҟа ацхыраара аҟаҵаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагахьеит, аха уажәтәи аоперациаҿы еиҳарак дара-дара роуп аусурақәа назыгӡо. Аурыс спелеологцәа иаҳа иазыманшәалоуп. Ҳара аԥышәа ӷәӷәа ҳамамзаргьы, Фат Смыр иеиԥш иҟоу аҷкәынцәа аҳаԥы аҩнуҵҟа аусурақәа акырынтә имҩаԥыргахьеит, уи атәы рдыруеит", – ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0