"Ииашаны аҩреи ииашаны аҳәареи рызҵаара иарбан бызшәазаалакгьы рҿы ицәырҵуеит абызшәеи алитературеи аҿиара ианалагалак. Ус еиԥш ҳара ҳҿгьы алитература аҿиара ианалага, зегьы раԥхьа аҳәашьа аԥҵареи аҩышьаԥҟареи еидызкыло аԥҟарақәа ҭыжьын 1933 шықәса рзы, Дырмит Гәлиа еиқәиршәаз. Уижьҭеи аамҭа кыр цахьеит, ицәырҵуеит азҵаарақәа избан изаҭахуи аԥсахра? Аха усҟан иазхәыцтәуп даҽакы, абызшәа акәалаԥ иузҭакӡом, абызшәа ганрацәала ианыруа рацәоуп. Убри азы ианыԥшуа аԥсахрақәагьы маҷӡам. Ус анакәха аамҭа-аамҭала акәзаргьы еибыҳәарала, аҭагылазаашьа ианаҭаххалак, ахшыҩқәа рхеидкылала, аҵарауаа рымчала, реицәажәарала, уаҳа ԥсыхәа амамкәа ианырбалак, иаҳа еиӷьу, абри шьҭа абызшәа иаднакылартә анормахь иалаҵатәуп ҳәа аныргәахәуа еиҭарыԥсыхуеит, еиҭаҭрыжьуеит анормақәа", - еиҭалҳәеит Сақаниаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.