Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба анаука-практикатә форум азы: ҳкультура шаҟа иҵауло абаразы акырӡа аҵанакуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус ауеит жәларбжьаратәи анаука-практикатә форум. Иара зызку, насгьы еиднакылаз аҵараауаа рхаҭарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афилологиатэ ҭҵаарадыррақэа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Ашәба: аҵарауаа аибашьрақәа ирыламӡҩаз ҳкультура еиқәырхашьас иамоу аилкаара иашьҭоуп

"Афорум тема хадас иқәгылоуп - ашьхаруаа жәлар рсахьаркыратә культура аҿы иҟоу ауадаҩрақәа, аибашьратәи афырхаҵаратәи тематика ажәлар рҟазараҿы. Афорум еицымҩаԥаагоит Урыстәылатәи аҟазаратә институти ҳареи. Арахь иааз Урыстәыла мацара акәым, иара адунеи аҿы еицырдыруа аҵарауаа дуқәа ыҟоуп. Урҭ ирҭахуп аԥсуа ҟазара, шаҟа ҳхаҳгахьо аибашьрақәа рышьҭахь , урҭ ирыламӡҩакәа еиқәҳархаз ҳкультура еиқәырхашьас иаиуз аилкаара, насгьы урҭ абиԥарақәа реимадара шҳалшо аилкаара хаҭала иалахәхаразы. Афорум иаҳнаҭоит аԥышәеимдара, ара аҟазацәа дара-дара еидтәаланы еибырҳәо аҭҵаашьақәа хазуп, ҳара иҳамоуп ҳазхыҽхуо, иахьа уажәраанӡа еиқәҳархаз ҳкультура, ашәаҳәареи ашәа хкқәа рҳәашьа, уи адагьы, иаԥаҳҵаз амузыкатә рҳәагақәа, урҭ знапала иҟазҵо ауаа рыҿцәажәара хықәкыс ирымоуп. Ҳдоуҳатә культура шаҟа иҵауло абаразы акырӡа аҵанакуеит ари аконференциа", - ҳәа азгәаиҭеит Ашәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0