Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥарлиа Уарчеи Бабышьреи инхо рыбзазашьа иазкны

© Foto / предоставлено Парулуа Леваном Парулуа Леван
Парулуа Леван - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бабышьреи Уарчеи ақыҭақәа рхада Леуан Ԥарлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны амҩа акаҭран шықәырҵо Бабышьра, убасгьы аӡазы ақыҭақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥарлиа Бабышьра амҩа акаҭран ақәҵара атәы

"Ари амчыбжь азы акаҭран ақәҵара иаҿуп ҩыџьараны, километрак инацны иаҳзықәырҵахьеит. Иҟарҵо бзиоуп, ажәлар ргәы иахәеит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит зегьы ари зыбзоурахаз. Иахьатәи аамҭазы хар ҳамаӡам. Ҵыԥх аҳаирбаӷәаза аԥхьа ииасуа Коӷониа имҩаду х-километрак инацны иқәырҵеит, сынтәагьы километрак еиҳаны. Иахьатәи аамҭа ҳазҭагылоу азы ҳазхашшаауа ҳәа ус уадаҩра ҳамаӡам", - иҳәеит Ԥарлиа.

Иара убасгьы дазааҭгылеит аӡы аганахьала ақыҭақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0