"Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" захьӡу ашәҟәы иазкыз апресс-конференциа мҩаԥган амультимедиатә пресс-центр Sputnik Аԥсны аҟны. Ашәҟәы авторцәас иҟоуп Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, аҭоурыхҭҵааҩ Фарид Кәабахьиеи анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачбеи.
"Хышықәса инарзынаԥшуа аусура ҳаҿын аӡахәаҭҵааҩы Николаи Ачбеи сареи. Имариамызт, аиашазы, ас еиԥш иҟоу аусумҭа азыҟаҵара. Ахыҵхырҭақәа рыԥшаара аҭахын. Аԥсны архив ду ҳаман, аха уи аибашьраан ақырҭцәа ирццышәит, аматериал рацәаны иалаблит. Ари аусумҭазы ауадаҩрақәа цәырҵит, избанзар аҳәаанырцә Урыстәыла анаукатә центрқәа, абиблиотекақәа, архивқәа рҟны аус утәын", - иҳәеит Кәабахьиа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Атрадициеи аҭоурыхи: Sputnik аҿы еиҭарҳәеит ажәытәан аԥсуаа аҩы шыҟарҵоз