Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр аррамаҵзура инарыԥхьо разыҟаҵаразы: ҳтәылаҿы аспорт азнеишьа ԥсахтәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТимур Квеквескири
Тимур Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҵараусбарҭа аспециалист хада Ҭемыр Кәкәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҿар аррамаҵзура зхызгарц инеиуа ргәабзиара уамак иӷәӷәам ҳәа иҟоу ацәажәарақәа рзы игәаанагара.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьыр арра маҵзура инарԥхьо ргәабзиара иазкны

"Уажәшьҭа 11 шықәса ҵуеит алшара ыҟоуижьҭеи Аԥсны ашколқәа ирылгаз Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалартә еиԥш рышьҭра. Есышықәса уаантәи иаауеит зҵара хзыркәшо афицарцәа. Зынӡа ус ицәгьаӡам аҭагылазаашьа (ргәабзиара иахҟьаны арра имцо рзы - аред). Ара иаанхо уиаҟара аҽазыҟаҵара змам роуп, ргәабзиара иҵегьы еиӷьзар сҭахын сыхәҭаахьала. Араагьы арра ицо аҿар ус ицәгьаӡам. Иаагозар, артиллериатә гәыԥ аҿы арра иахысуа, егьырҭ архәҭақәа рахь снеилоит, даара ибзианы рхы аадырԥшуеит. Ииашоуп, игәаҭаны иҳамоуп аспорт аганахьала уиаҟара ҳхәыҷқәа шыӷәӷәам. Есышықәса шьаҿак-шьаҿак аҟаҵара ҳаҿуп уи аганахьала аҭагылазаашьа иаҳа ибзиахарц, ари азҵаарала есышықәса асеминарқәа мҩаԥысуеит абаҩрҵәыра рызҭо арҵаҩцәа рыбжьара", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Иара иазгәеиҭеит атәылаҟны аспорт ахь иҟоу азнеишьа хәыҷык аԥсахра шаҭаху, уи аганахьал ишырҿыԥштәу Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0