Тәанба: амандарина аҽаҩра угәы еизнарҳауеит, аҳәаа ахыгарагьы маншәалахар, ҳабзиахон
АрадиоИкьаҿу ахьарԥш аиура
3310
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e4/09/1e/1031030997.jpg
Sputnik Аҧсны
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
Sputnik
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
https://sputnik-abkhazia.info/radio/20201006/1031057316/Tanba-amandarina-aara-ugy-eiznyraueit-aaa-akhygaragy-manshalakhar-abziakhon.html
Изеиԥшрахозеи сынтәа амандарина аҽаҩра, насгьы ишԥаҟоу уи ахаҭабзиара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә ацитрусааӡаратә нхамҩа аиҳабы Виктор Тәанба.
Виктор Тәанба напхгара зиҭо анхамҩа Гәымсҭа ақыҭан Аҟәа араион аҿы иҟоуп.
"Амандаринааӡараҿы хәарҭа злоу аусурақәа зегьы нагӡаны иҟоуп. Хынтә иаҳхәышәтәит, уажәы уахьахәаԥшуа ицырцыруа иҟоуп, акызаҵәык - аарҩара иахҟьаны ишаҳҭахыз еиԥш иҟәазымхеит, аха иҟоу аамҭа иалагӡаны ақәа леир, иаразнак еизҳап. Ус уахьахәаԥшуа угәы еизҳаратәы иҟоуп. Сынтәа 130 тонна рҟынӡа аҽаҩра ҳазыԥшуп. Ҵыԥх амандарина аҳәаа ахыгара даара иуадаҩын. Кьылак азы 12 мааҭ агон, сынтәа аҳәынҭқарра аиҳабыра иаҳа ахә дырмаҷыр, амҩаԥгара маншәалахап ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Тәанба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ихадоу атемақәа

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 506-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
8

Аҳамҭа аҵаки ҳамҭас иҟарҵои ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
16

Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Пушкин имедал иаԥсахахьоу апоет Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы имшира азгәеиҭоит.
24