Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Афырхацәа рымҩала: Акаԥҳа Гагра ахақәиҭтәра иазкны

© Foto / Предоставлено Наной Акаба Нана Акаба
Нана Акаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
28 шықәса раԥхьа Аԥсны Мраҭашәаратәи аҳәааҟны апсуа бираҟ ахаргылан, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Гагра акалақьи араиони ҭарцәын. Аԥсны афырхаҵа Нана Акаба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит усҟан игаз аиааира аҵаки уи лгәалашәараҟны ишаанхази.

1992 шықәса жьҭаарамза 6 рзы аԥсуа еибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭа. Ари ахҭыс аҵакы ӷәӷәан акрызҵазкуаз арратәи агуманитартәи зҵаарақәа рыӡбараҟны, Аԥсны зегьы аӷацәа ралцараҟны.

Афырхацәа рымҩала: Акаԥҳа Гагра ахақәиҭтәра иазкны

"…Сосналиев (аинрал-леитенант, Аԥсны афырхаҵа Султан Сосналиев - аред.) даасыԥхьан, Бзыԥҭаҟа сааишьҭит, иҟоу еилкаа ҳәа. Уажәыгьы исымоуп Гагратәи агарнизон амедицинатә маҵзура аиҳабы ҳәа исиҭаз инапы аҵаҩны ашәҟәы. Аевакуацитә ҭыԥ Бзыԥҭа иаарттәын… Аиаша ҳҳәозар, раԥхьа ианалагоз апозициақәа реиҿкаара Бзыԥҭа аганахьала аӡӷабцәа рҟынтәи аӡәгьы дыҟаӡамызт. Анаҩс Лиалиа Ԥаразиа дааргеит, лара Пицундатәи абаталион аҟны дыҟан. Инга Барцыцԥҳа амшын аганахьала дыҟан, уаҳа аӡәгьы дыҟамызт. Нанҳәамзазы атанкқәа рыла аӷацәа ҳаҷкәынцәа ирыжәлеит, амза ҩажәа рзы насгьы амза анҵәамҭазы ҳганахьала иҭахаз ыҟоуп.

Ҩажәа минуҭ ԥшьба рахь Гагра ҳгарц ажәылара ҳцоит ҳәа ҳаларҳәеит. Амза ҩба рзы Гагра ақалақь ҭаҳарцәит, амза хәба рҟынӡа асанатори "Украина", уажәы "Москва" ҳәа захьӡу, уа ҳтәан, амза хәба ауха Цандрыԥшь ҳаҟан. Уи ашьҭахь асааҭ ҩажәа минуҭ 7 рзы Ԥсоу ҳлеихьан, абираҟгьы ахаҳаргылеит", - лҳәеит Акаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0