Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шәлымба атранспорт аҟны аԥкрақәа рзы: асабрада ныҟәыргалароуп зегьы

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Шулумба
Леонид Шулумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны апассаџьырцәа рныҟәгара шеиҿкаау.

Аҟәа ақалақь ахада иқәҵарала жьҭаара акы инаркны аҳҭнықалақь аҟны апассаџьырцәа рныҟәгаразы ауаажәларратә транспорт аҿы аамҭалатәи аԥҟарақәа шьақәыргылан. Убасгьы ахаша имҩаԥгаз аилацәажәараҟны иазгәаҭан атранспорт иҭало зегьы асабрадақәа ныҟәаргалароуп ҳәа.

Шәлымба атранспорт аҟны аԥкрақәа рзы: асабрада ныҟәыргалароуп зегьы

"Раԥхьа иргыланы ауаа ргәабзиара ҳазхәыцуазароуп. Амашьынарныҟәцаҩцәа ршоура шьыжьи-хәылбыҽхеи игәаҳҭоит иахьынӡаҳалшо. Иахьатәи амш азы 15–ҩык рҟынӡа ахыԥхьакрахь иҳашьҭит зшоура шьҭыҵыз, аҭахҳәга ҟаҳҵеит ранализ ргарц", - иҳәеит Шәлымба.

Иара иазгәеиҭеит аԥҟара ишаҳәо ала ауаа рмаҷны рныҟәгаразы ауадаҩрақәа шыҟоу, дырзааҭгылеит урҭ зыдҳәалоу.

"Иахьазы хәҩык-жәаҩык рныҟәгаразы акәӡам иаҳа уадаҩрас иҟоу. Проблемас иҟоу иныҟәгатәу ауаа маҷӡам, ртәара узышьақәыргылом. Аиҿцәажәара ыҟан аҳҭнықалақь ахада иҟны амаҵзурақәа зегьы злахәыз, ишьҭыхын азҵаара амедицинатә сабрадақәа рхаҵаны ауаа риагара ахьынӡашәарҭоу ҳәа. Асабрада ануҿоу ишәарҭаӡам ҳәа ишьақәыргылоуп, убри аҟынтәи иахьынӡауа зегьы амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргалар атранспорт аҟны, уадаҩра ҟалом ҳәоуп ишеилыскааз", - иҳәеит Шәлымба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0