Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг ашьапылампылтә команда "Нарҭ" азы: аханатә ишьҭнахыз аҩаӡараҿы ишыҟац иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Хашиг
Инал Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит. Ашьапылампыл абзиабаҩ, ажурналист Инал Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҿы иҳаҩсыз асезон ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Ҳашыг ашьапылампылтә команда "Нарҭ" азы: аханатә ишьҭнахыз аҩаӡараҿы ишыҟац иҟоуп

"Апандемиа, хымԥада, акомандақәа рыхәмарра ианыԥшит, дара зны иаҵахоит зны иаиааиуеит, аццакырак ала изцом. "Нарҭ" агәыԥ аҟынтә ицеит, аха амчқәа азымхеит, ахәмарра бзиа аарԥшразы, дара разыҟаҵаҩгьы апандемиа иахҟьаны Ҭырқәтәыла даанхеит, данааигьы дрыԥсахит, акоманда ауадаҩрақәа аман. Уи ҳәарада, рыхәмарра ианыԥшит. Ачемпионат алҵшәагьы шыҟалоз ҳаздыромызт ишахәҭаз еиԥш ԥшь-еикәшарак ҟалазҭгьы. Усҟан иаҳа аинтерес аҵалон. Ҩ-еикәшарак маҷуп ҳәа сахәаԥшуеит, аха уеизгьы иара Ачемпионат ахьыҟалазгьы ҳара ҳзы хҭыс духеит. Ҳгәы каҳан ҳаҟан. "Нарҭ" аханатә ишьҭнахыз аҩаӡара уажәыгь иамоуп, уи шьақәнырӷәӷәоит 13-нтә Ачемпионат аҿы аиааира зыргогьы", - азгәеиҭеит Ҳашыг.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0