Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Бигәаа Узбекисҭани Таџьыкисҭани ртәылауаа рырхынҳәра азҵааразы

© SputnikОдиссей Бигвава
Одиссей Бигвава  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Узбекисҭани Таџьыкисҭани ртәылауаа Урыстәыла аҳәаа рахысразы имҩаԥгаз аусура атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Бигәаа Узбекисҭани Таџьыкисҭани ртәылауаа рырхынҳәра азҵааразы

Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра азин рымоуп Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа реиԥш, Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа руааԥсыреи, уа инхо Украина ауааԥсыреи. Егьырҭ аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа аҳәаа ахысра азин рымам.

"Узбекисҭани Таџьыкисҭани рыуаажәлар аанхеит, урҭ аҳәаа ахысра азин рымамызт. Рхы зланыҟәыргоз анмаҷха аҩныҟа ихынҳәыр рҭаххеит, ҳара ҳацхыраара иаҳәеит. Излаҳашоз ала Урыстәылатәи ҳколлегацәа рахь адырра ҟаҳҵеит, урҭ – Узбекисҭан, Таџьыкисҭан ацҳаражәҳәарҭақәа рахь адырра ҟарҵеит, абасала аус нап аркын. Мызкы аԥхьа 10-ҩык инареиҳаны Таџьыкисҭан атәылауаа аҳәаа иахысны идырхынҳәит, зегьы реиҳа ирацәаны Узбекисҭан атәылауаа роуп иҟаз, 300-ҩык рҟынӡа аҳәаа иахысит, уи анаҩс иаанхыз зегьы еиҭа ишьҭын. Араҟа иазгәаҭатәуп, Аԥсны иҟоу атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә зегьы ацара рҭахуп ҳәа аҳәара ииашам, ицарц зҭаххаз роуп ацаразы алшара заҳҭаз. Еиҭа зҵаарақәак цәырҵыр, абас еиԥш имҩаԥагаз аусурала иӡбахоит", - еиҭеиҳәеит Бигәаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0