Абҵара 15, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәоит уахыки-ҽнаки рыла хынтә ҩба-ҩба сааҭ.
"Асезон макьана инымҵәаӡацт, аха ҳаԥсшьаҩцәа агәынамӡара аадырԥшуам. Урҭ ргәынамӡарақәа ҳаԥсабара аԥшӡара ихнакуеит. Ҳауаажәлар акыр рычҳауеит, аха аԥсшьаҩцәа ирзеилкаауам алашара арцәарақәа зызку. Ҳара еиҳарак ҽынла аԥсшьаҩцәа аԥсабарахь иаҳгоит, убри аҟнытә уиаҟара ирныԥшуам афымцалашара арцәара, аха асасааирҭақәа рҟны ҭыԥқәак рҿы алашара ыҟам, ианнеиуа иџьаршьоит. Аӡынгьы асезон иацаҳҵозар акәхап, убри аҟынтәи агәаҳәара ҳамоуп алшара дмырцәаларц, уи ҳекономикеи ҳасасдкылареи рзы ихәарҭахон. Агәынамӡарақәагьы аҭыԥ рымоуп, ауаа зегьы еиԥшӡам, аха макьана рычҳара ыҟоуп, насгьы сынтәа ҭагалан ҵыԥх аасҭа иԥхарроуп", - лҳәеит Асабуаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аретро-дәыӷба "Шәача" аӡынразгьы Аԥсныҟа иаалоит
-
Смыр акурорттә сезон азы: ҳазҭагылоу аамҭа иаҿырԥшны хар амаӡам
-
Уахыки-ҽнаки рыла хынтә: афымцалашара арцәара аграфик