Шьалашьаа иҳәеит Аԥсны иазоурыжьуа афымцалашара аекономика ишаныԥшуа
АрадиоИкьаҿу ахьарԥш аиура
2220
https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo-itemprop.png
Sputnik Аҧсны
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
Sputnik
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
https://sputnik-abkhazia.info/radio/20201202/1031383099/Shalashaa-ieit-Asny-iazouryzhua-afymtsalashara-aekonomika-ishanyshua.html
Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара азоужьра атәыла аекономика ианыԥшыр шалшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.
"Аԥсны аҭагылазаашьа шыҟоу ала Урыстәылантәи афымцалашара ҳмоур ада ԥсыхәа шҳамам еилкаау усуп. Аекономика ишаныԥшуа атәы ҳҳәозар, уахьынтәи иаарышьҭуа афымца ахә ҳаракуп, насгьы Урыстәылантәи ԥарала иҳауа ацхыраара иахыххоит. Ари иаанаго уаанӡа программала ишьақәырӷәӷәаз азҵаарақәа зынагӡахом. Урҭ рыбжьара иҟоуп асоциалтә зҵаарақәа, аекономика иацхрааша егьырҭ аусқәа", - иҳәеит Шьалашьаа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Ихадоу атемақәа

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11158-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8947-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 159-ҩык.
24

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны.
8

Аԥсуара аныҟәгара, уи иаҵанакуа аҵасқәа рықәныҟәара уҳәа ртәы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.
11