АрадиоИкьаҿу ахьарԥш аиура
27 0 0
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e4/0b/0b/1031268077.jpg
Sputnik Аҧсны
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
Sputnik
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
https://sputnik-abkhazia.info/radio/20201202/1031385944/Kharchlaa-amainingt-fermaa-Tarchal-raykhrazy-agy-daamgyleit-iashyman-a.html
"Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Вахтанг Харчлаа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амаинингтә фермақәа рҿыхразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
"Араион аҟны 15 мшы ирылагӡаны имҩаԥаагаз аусурақәа инарықәыршәаны 8 мегаватт рҟынӡа ҿаҳхьеит, 4-5 араион аҟны иҟоуп, ақалақь аҟны 3, 5 мегаватт рҟынӡа. Ҭыԥқәак рҟны апломбақәа аарханы иҟаҳҵеит, авидеохылаԥшыгақәа аанҳажьит. Мчыбжьык ахь ҩымш-хымш агәаҭарақәа мҩаԥаагоит, аӡәгьы еилеимгацт. Иҟоуп 10 -15 мшы аус зуз, ахәԥса рымхны абанк ахь иалаҵоуп ишахәҭаз еиԥш", - иҳәеит Харчлаа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.