Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ешба Гьачрыԥшь иахьатәи аҵаратә процесс азы: ҳаибарххо ахәыҷқәа аҵара дырҵара ҳаҿуп

© Foto / предоставлено Махазом ЕшбаМахаз Ешба
Махаз Ешба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Гьачрыԥшьтәи абжьаратә аурыс школ адиректор арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит напхгара зиҭо ашкол аҟны онлаин аҵарахьы аиасра шцоз, уадаҩрас ирымоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ешба Гьачрыԥшьтәи ашкол аҟны ҳаамҭазы аҵара амҩаԥысшьа атәы

"Иҳаҩсыз амза ҩба рзы ҳаиасит онлаин аҵарахьы, даара аџьабаа ҳнарбеит. Арҵаҩцәа иззымдыруаз уи рацәан, иаҳа зықәра ыҟоу ирҭахын ашкол ахь иныҟәаларц. Аҭагылазаашьа еицаҳдыруа ауп, аԥхьа иргыланы агәабзиара ауп иҟоу. Арҵаҩцәа аҩныҟа ҳцоит, аус ҳазуам, иаҳцәыцәгьоуп рҳәеит. Аибашьра ашьҭахь шәусура камыжькәа аамҭа уадаҩқәа шәхыжәгеит, уажәы атехника азы ишԥакашәыжьуа ҳәа срацәажәеит арҵаҩцәа. Ҩымчыбжьа арҵаратә курсқәа ҳархысуан, ҳацәгьамкәа иаҳҵеит. Арҵаҩцәа онлаин имҩаԥыргартә иҟоуп аурокқәа, аха ҳҭагылазаашьа маншәалам. Уи афымцалашара арцәара, аинтернет, атехника уҳәа рыҟамзаара. Излауала ҳаибарххо абас ахәыҷқәа аҵара дырҵара ҳаҿуп", - иҳәеит Ешба.

Иара еиҭеиҳәеит напхгара зиҭо ашкол аҟны аԥсуара иазку амаҭәар шымҩаԥиго, уи алагалара ахшыҩҵак шизцәырҵыз атәы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0