"Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьеит. Уажәаԥхьа иаҳа иҭынчран. Ауаа аԥҟарақәа рықәныҟәара ишаҟәыҵыз убаратәы иҟоуп. Сара иахьынӡеилыскаауа, иааԥсазар акәхап, аха ачымазара нҵәаанӡа ҳхы ҳахәаԥшыр ауп, аԥҟарақәа рықәныҟәара аҭахуп иахьынӡа рылшо. Ачымазара нҵәаанӡа иаҭахуп еснагь асабрадақәа рныҟәгара, ҳнапқәа уажәы-уажәы ирыцқьалатәуп. Иахьала ақалақь аҿы ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара 2771-ҩык ыҟоуп. Ҿыцны ачымазара зыхьны иҟоу 608-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьынтә 35-ҩык хәыҷқәоуп. Убри аан ақалақь аҿы 2000 инареиҳаны рҽырхәышәтәхьеит, ари арбага уаигәырӷьартә иҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа аиҳабы илҳәеит ПЦР анализ аҭаразы аҳақьымцәа зынио ауадаҩрақәа ртәы.
"Ауаа изыҟарҵо ҳзеилкаауам, аха игәаҳҭеит, шьоукы ПЦР анализ ҳәа изышьҭоу еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ишарҭо. Абраҟа иҳәатәуп, анализқәа зегьы дарбанзаалакгьы иахьаиҭазаалакгьы еизганы иаку алабораториахь шаарго, абраҟа еилкаахоит ауаҩы ҭыԥк аҿы акәымкәа, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы анализ шаиҭаз, ари ииашам. Анализ агаразы уи инихуа амаҭәашьарқәа егьырҭ рзы ихәарҭоуп", - ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Скорик илҳәеит COVID-19 азы анализ аҭаразы агәаранқәа рцәырҵра зыхҟьаз