COVID-19 аҿагылараз Аоперштаб аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Акоп Кущян Измеряют температуру
Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 16 рзы COVID-19 аҿагылараз Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ихантәаҩрала Аоперштаб аилатәара мҩаԥысит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аилатәараҿы Аоперштаб алахәылацәа иазгәарҭеит ачымазараҿкы аҽарҭбаауа ишалагаз ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны акоронавирус аплато ахь ицәырҵит

Ԥхынҷкәыназтәи адыррақәа рыла астационартә хәышәтәра иахысуеит 246 пациент акоронавирустә инфекциа змоу, урҭ рҟынтәи 43-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ишылҳәо ала, алобараториа ишалшо ала аус ауеит, есҽны 500 ирҟынӡа ҭҵаара мҩаԥнагоит.

Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы абиоматериал аҭаразы еиҭахгьы агәаранқәа цәырҵит. Уи зыхҟьаз арахь акоронавирустә инфекциа рымазаара агәаҭаразы ичмазцәоу рыдагьы ауаа ахьааиуа ауп. Убас, рхы гәарҭарц азы мызкахьы ҩынтә-хынтә анализ ҟазҵо ыҟоуп.

"Ачымазара зызшәарҭоу уаанӡеиԥш 60 шықәса иреиҳау роуп. Убарҭ роуп еиҳаракгьы атестқәа азҭалаша", - лҳәоит асанитартә ҳақьым.

АУН "Аԥсныфармациа" аиҳабы Русҭам Адлеиба Аоперштаб алахәылацәа адырра риҭеит хәшәыла амедусҳәарҭақәа шеиҿкаау азы. Иара иусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аоперативтә штаб алахәылацәа аминистр изеиҭарҳәеит акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа ахьырхәышәтәуа амедусҳәарҭақәарҿы ахәшәқәа разымхара аҭыԥ шамам.

Аилатәараҿы иара убасгьы ишьҭыхын ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа ртема. Аоперштаб иамоу адыррақәа рыла акрыфарачаратә обиектқәак рҿы акорпоративқәеи амассатә уснагӡатәқәеи рымаԥгара рыгәҭакуп, уи ареспубликаҿы ишьақәгылоу аԥкырақәа ишрықәымшәогьы. Аԥсны ахада иусдҵа инақәыршәаны асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҟалом дара ачымазара аиҭарҿыцра алдыршар ахьауа азы.

COVID-19 аҿагыларазы аԥкра ҿыцқәа - Sputnik Аҧсны
Даҽа ҩымз: COVID-19 аҿагыларазы аԥкра ҿыцқәа

Ауааԥсыра авирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аҽазныкгьы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит рхы иазхьаԥшларц, рааигәа-сигәа иҟоу ауаа ашәарҭара иҭадмыргылаларц, аԥкырақәа зегьы ирықәныҟәаларц, амассатә уснагӡатәқәа рҭаара иаҟәыҵырц, аныҳәамшқәа аҩны, рҭаацәа рыгәҭа иазгәарҭарц.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7409-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5387-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит шәҩык.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 595-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 140-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Ажәабжьқәа зегьы
0