Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Блабба: аихшарҭатә ҭыԥқәа ҳамблырц азы еиԥҟьарада ажәлар афымцалашара ҳазрыҭом

© Sputnik / Томас ТхайцукСаид Блабба
Саид Блабба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" афымцацәаҳәақәа реихшаразы амаҵзура аиҳабы Саид Блабба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы афымцалашара арцәарақәа зыхҟьо атәы.

 

Блабба: аихшарҭатә ҭыԥқәа ҳамблырц азы еиԥҟьарада ажәлар афымцалашара ҳазрыҭом

"Урыстәылантәи иҳарҭо афымцалашара еиҳау ақәыӷәӷәара змоу ацәаҳәақәа рҟны иагнархоит ақәыӷәӷәара. 220 нызқь киловольт ахьцо афымцамч аҟны ақәыӷәӷәара агнархоит. Уи ацәаҳәа арцәара ақәшәаӡом ақәыӷәӷәара анагхалак, аха анаҩс афымцеихшарҭатә ҭыԥқәа рахь иандәықәаҳҵалак, дара рықәыӷәӷәара шыҟац инхоит. Аихшарҭатә ҭыԥқәа ҳамблырц азы еиԥҟьарада ажәлар афымцалашара рыҭара ҳалшаӡом. Уи зыхьчо амаҭәахәқәа ирылшо аасҭа афымца анеиҳахалак идырцәоит. Афымцақәыӷәӷәарақәа аӡын еиҳахоит, еилкаауп ахьҭақәа раан ажәлар рыҽдырԥхоит. Амаининг фермақәа рырцәара аганахьала аусурақәа рацәаны имҩаԥган, аха урҭ зегьы иахьа иӡбаны иҟам", - иҳәеит Блабба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0