"Хәаԥ шьхақыҭоуп. Араҟа инхо зегьы аԥсыуаауп. Есышықәса еиԥш сынтәагьы аӡын аамҭа рҽазыҟарҵеит анхацәа, макьана с-дук млеицт, аха шьҭа илеиргьы цәгьа иаҳбом. Ақыҭаҿы анхацәа арахә рааӡоит, аԥсаатә. Зегь реиҳа ахәырма рацәаны иҳамоуп. Аԥхын аамҭазы атуристцәа ирыдҳәалоу анхацәа маҷым", – ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Хәаԥынтәи Гәдоуҭа араион ацентр аҟынӡа 16 километр бжьоуп. Ақыҭа ахада иажәақәа рыла, анхацәа ақыҭаҟынтә араион ахь рнеиразы аамҭа рцәагом, аха амҩа ҟаҵазҭгьы, иаҳа имариахон ҳәа азгәеиҭеит Анқәаб.
"Ф-километрак амҩа Дәрыԥшьи, Џьырхәеи, Хәаԥи еидызҳәало аҭагылазаашьа хәыҷык ицәгьоуп. Уи азҵаара иахьа иқәгылоуп, ҳазҭалаз ашықәсан иӡбахап ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Егьыс ақыҭаҿы еиҭа иаҭаху алашареи аӡи азҵаара ҳқыҭаҿы иӡбоуп ҳәа азуҳәар ҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Анқәаб.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.