Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба COVID-19 аҟынтәи алаҵа азы: Урыстәыла, Китаи, иахьынтәиаазаалак иҟасҵоит

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Ҭырқәтәыла аҭыжьра иалагоит. Арадио Sputnik аефир аҟны Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба еиҭеиҳәеит ҳдиаспора рхаҭарнакцәа ари ажәабжь шрыдыркылаз атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Аҟәысба COVID-19 аҟынтәи алаҵа иазкны

"Мышқәак раԥхьа иҳаҳаит уи алаҵа араҟа аҭыжьра ишалаго Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара иҟарҵаз аиқәшаҳаҭра абзоурала, ибзиоу акы ауп ҳәа ҳахәаԥшуеит. Иахьазы Ҭырқәтәыла иҟарҵоит Китаинтәи иааргаз алаҵа, уи миллионки хышә нызқьҩык рҟынӡа ирыларҵахьеит. Аҳәынҭқарраҟны аҳақьымцәа иҟарҵаз адыррала ари алаҵа агәаҭараан 90 процент изларҵаз ирзеиӷьхеит. Аҳәынҭқарраҟны аҳақьымцәа, хымԥада ишәылашәҵароуп, шәахьчоит ҳәа рҳәоит. Саргьы саамҭа анааилак, иарбан исыдыргало хатәгәаԥхарала алаҵа ҟасҵоит Урыстәыла, Китаи, мамзаргьы Европа иҭрыжьыз акәзааит", - иҳәеит Аҟәысба.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0