Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба ауаажәларратә хеилак азы: хӡыргараны иаанхар, анырра ҟанаҵаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2021
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны атәыла ахада иҿы иаԥҵоу ауаажәларратә хеилак ахҳәаа аиҭеит, аус ауратәы аҭагылазаашьа аныҟало атәы ҳәа игәаанагара иҳәеит.
Ҳагба ауаажәларратә хеилак азы: аполитикатә еибафара ҭышәныртәалар, ахықәкы наӡон

"Аԥшьгамҭа анырра аиураны ианыҟало усҟан ауп, ҳтәылаҿы иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа маҷк иадымхаргьы иамхны ирзыҟаҵар. Аԥсны аҵыхәтәантәи жәа-шықәса аполитикатә ԥсҭазаара - аполитикатә еибафараны иҟалеит. Уи акәша-мыкәшагьы иҟоу иазгәарҭо, ирҳәо, милаҭла ҳҳәынҭқарра аизҳара акәӡам, ари иҭышәынтәалоу, иҭынчу республиканы ианбаҟало ҳәа ауп.  Иаԥҵоу ари ахеилак иҟалаз аполитикатә еибафара аҭышәынтәаларахь икылнагар, усҟан ахықәкы наӡеит ҳәа уҳәаратәы иҟалоит, ус акәымкәа баша, акы ианҵаны абри мҩаԥаҳгеит ҳәа, хӡыргараны иаанхар, уи баша имҩаԥысит ауп, аныррагьы ҟанаҵаӡом, амчраҿы иҟоугьы рыхьӡ ланарҟәуеит. Рамбициақәа ааныжьны, Аԥсны аҳәынҭқарра аҿиараҿы иазеиӷьхо ҟаҳҵап ҳәа иаартны изҳәо зыҟамлеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адәныҟатәи аусқәа акәша-мыкәша иӡбны иҟан, аха убас ахҭысқәа мҩаԥысуа иалагеит, аполитикагьы аҽаԥсахит Аладатәи Кавказ, Аԥсны ирацәаны ақәыӷәӷәара аиуа иалагоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0