Ауаажәларратә палата адублиаж, мамзаргьы акгьы злымҵуа аус

© Foto / Официальный сайт Президента Республики Абхазия Под председательством вице-президента Бадры Гунба состоялось организационное совещание, посвященное созданию общественного совета при президенте Абхазии
Под председательством вице-президента Бадры Гунба состоялось организационное совещание, посвященное созданию общественного совета при президенте Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа жәабран 23 рзы Аԥсны ахада иҿы Ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы имҩаԥгаз аизара дахцәажәо, иаалгоит Таиф Аџьба ицәаҳәақәа: "Аизара еизароуп, уанеиза – иуӡбароуп, иануӡба – инаугӡароуп, егьи зегь - барбарроуп".

Абар ицәырҵит даҽа уаажәларратә хеилакк, амала апрезидент инапаҵаҟа, аартра азҵаатәы.

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба анкьа ҳара иазгәаҳҭоз Аԥсны асовет ар рымш аҽны имҩаԥигеит аилатәара "Аԥсны Ахада иҟны ауаажәларратә хеилак аԥҵара" азҵаара алацәажәаразы. Ааԥхьара рыман еиуеиԥшым апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. Аизараҿы иаҳбеит иахьеи уахеи иаҳбарҭоу ахаҿқәа, амчраҿы уаанӡа иҟаз, уажәтәи амчра иадгылоу, абыргцәа рхаҭаранакцәа уҳәа егьырҭ ауаажәларратә институтқәа рҿы иқәгыланы ицәажәало аӡәырҩы.

Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Арадио
Гәынба ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы: ажәлар иргәаԥхарцаз акәӡам, алҵшәа аиур ҳҭахуп

Схәыцуеит, иҳамами ҳара? Аԥсны анапхгара, Апарламент, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа, апартиақәа жәпакы, астратегиатә ҭҵаарақәа рцентрқәа ҩба (апрезидент инапаҵа иҟоуи хазы иҟоуи), Аекономикеи азини ринститут, Абыргцәа рхеилак, Ауаажәларратә палата уҳәа, зыхкы уҭаху аиҿкаарақәа.

Апрезидент ихаҭыԥуаҩ иқәиргылеит азҵаара "Иаҳҭахума ҳара абри аиҿкаара?".

Азҵаара бзиоуп. Иаҳҭахума даҽа цәажәарҭак, аибашьра ааилгазар акоррупциеи акризиси  ҳзалымҵуазар? Избан ас зысҳәо? Хыхь еиқәысԥхьаӡаз ауаажәларратә институтқәа зегьы рыԥҟаԥҵәа иаҳәо ауп иахьатәи аилазаарагьы хықәкыс ишьҭнахуа. Цәажәара мацарала аус ҳзыӡбома?

Аԥсны ахада имоуп абжьгаҩцәа, ацхырааҩцәа, уи абжьы иҭны далырхит ауаажәларра. Аоппозициатәи иара убас амчра иадгылои апартиақәа ракәзар, урҭгьы рҿахәы рҳәоит, аха ԥхьаҟа ашьаҿақәа ыҟам. Уажәы еиҿыркаарц ргәы иҭоу ахеилак хықәкыс иамоуп рҳәеит "иактуалтәу азҵаарақәа рзы азеиԥш жәалагалақәа реиҿыбаара".

Уажәшьҭа ҳахәаԥшып абҵара 28 2006 шықәсазы Сергеи Багаԥшь атәыла ахадас даныҟаз иаԥҵаз "Ауаажәларратә палата" ахықәыкы. Уи иазку азакәан актәи ахәҭаҷ ишаҳнарбо ала, иара аԥҵоуп "ауаажәларреи амчреи реимадара ашьақәыргыларазы, иара убас, аҳәынҭқарратә политика амҩақәҵара аан ауаатәыҩса рзинқәа рыхьчара, амчра аусура ауаажәларратә хылаԥшра аҭара" уҳәа ҵҩа змам алшарақәа азыԥҵәоуп Ауаажәларратә палата ақьаад аҿы. Иалада Апалата? Азакәан 8-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны "13-ҩык атәыла ахада ишьақәирӷәӷәо асиа ала, 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа, 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа".

Сазҵаауеит, абас иҟоу аиҿкаара анҳамоу ҳазҵаатәқәа заҳзымыӡбазеи?! Жәохә шықәса зхыҵуа Ауаажәларратә палата маҷ зҵаатәы шьҭнаххьоума?! Анаркоманиа, акоррупциа, амҩатә машәырқәа, адәныҟатәи аполитика, Галтәи азҵаатәқәа уҳәа ҵҩа рымам уаҟа имҩаԥысуаз, зны-зынла аӷьалпал зцыз аицәажәарақәа, алкаақәа. Иарбан мчу иахаҵгылаз Апалата ишьҭнахыз азҵаатәқәа? 2016 шықәсазы Апалата уаанӡатәи ахада Нателла Акаба илҳәахьан "амчра ҳара ҳлагалақәа, ҳабжьгарақәа хырҩа азыруеит, иҟаҵатәугьы сыздыруам" ҳәа.

Сазҵаауеит, изаҳҭахузеи ҳара Ауаажәларратә палата адублиаж апрезидент инапаҵаҟа? Баша ацәажәаразы? Избан иҳамоу аинститут аус аруны, урҭ ирыхәшьадуа амчра захамыҵгылара?

Иахьа излацәажәо аиҿкаара аԥеиԥш азы ахҳәаа сиҭарц ҭелла сыҽимаздеит уи аизара иалахәыз  ихьыԥшым, икоммерциатәым Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа. Уи исҭеит азҵаара, храс иалоузеи ахада инапаҵаҟа даҽа цәажәарҭак аартра ҳәа.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2021
Қьар злам ареволиуциа, ма "ажәлар рызгәаҟразы"

"Ахада ҳицхраарц ҳҭахызар, мамзаргьы ажәлар ҳрыцхраарц ҳҭахызар, ари ахеилак акгьы ҳнаҭаӡом. Уи аҩыза ахеилак ԥыхьагьы иҟан, уи ахеилак иҟанаҵаз ҳәа аӡәымзар аӡәы акгьы издырӡом", - иҳәеит афилософ.

Иара игәаанагарала, уажәтәи асоветгьы ԥахьатәи аԥеиԥш азыԥшуп. Дамениа игәаанагарала, иаԥырҵозар, "иаҭахуп аус зуа агәыԥқәа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла". Ари азы ахыцқәа аартуа, Дамениа иҳәеит асоциалтә, аекономикатә уҳәа "ипрофессионалтәу ахырхарҭақәа змоу, Владимир Путин ишимоу еиԥш, аексперттә гәыԥқәа аԥҵатәуп". Хырхарҭа рацәала аус зуа аҳәынқарратә усбарҭақәа анҳамоу, абарҭ ахеилакқәа рыҟазааразы астратег Дамениа "ахеилак ачынуаа аларҵаргьы, еиҳарак аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, акультура аусуҩцәа, насгьы  абри аполитикатә кониунктура иахьыԥшым ауаа алагалатәуп" ҳәа алкаа ҟаиҵоит аҵарауаҩ. 

Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2020
"Уаанӡатәиқәа" ирхароуп шаҳҳәоз, иахьа ҳахьыҟоу ҳааит: афымцалашара апроблема иазкны

Ауаажәларратә палата иахьатәи ахада Гәыли Кьычԥҳа абри азҵааразы санлыдҵаала исалҳәеит, апалатаҿы ишыҟоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа змоу акомитетқәа, урҭ реизараҿы иҟарҵо алкаақәа лассы-лассы Аԥсны аиҳабыра ишрыдыргало, аха "ираҳаӡом" ҳәа азгәалҭеит лара, лаԥхьа апалата иахагылаз ишылҳәахьаз еиԥшҵәҟьа. Ус акәзаргьы, "апалата абжьгаратә ҟазшьоуп иамоу, издыруада, уи аилазаара атәыла ахада инапаҵаҟа иҟалар, ирҳәо еиҳа ираҳар" ҳәа деигәыӷуеит Кьычԥҳа.

Досу иара игәаанагара имоуп, аха сара оптимизм дук сзаҵбаауам ахада инапаҵаҟа еиҿыркаарц ргәы иҭоу аилазаара. Таиф Аџьба аурыс поет Владимир Маиаковски иажәеинраала "Прозаседавшиеся" епиграфс иаҭаны иҩит "Ирҳәази исҳәази". Уаҟа иаҳԥылоит абас еиԥш иҟоу ацәаҳәақәа:

Нас, аамҭа цеитеи, сҳәеит.

Иҵуазеи, кырҵуеитеи, сҳәеит.

Ирҳәазгьы рҳәеит, аха

Иалҵыз ҳамбеитеи, сҳәеит…

Апоет ари ажәеинраала азикит ҵыхәаԥҵәарада усҟантәи апартиа еиҿнакаауаз ацәажәарақәа, ақәгыларақәа. Аҵыхәтәаны апоет иажәеинраала хиркәшоит абас:

Аизара еизароуп,

Уанеиза – иуӡбароуп,

Иануӡба – инаугӡароуп,

Егьи зегь - барбарроуп, сҳәеит…

Абасшәа сазыҟоуп иахьа ахада инапаҵаҟа иаԥшьгоу даҽа уаажәларратә хеилакк азхәыцра. Ус баша, аҽраԥшразы еиҿаҳамкаауазар, иҳамоу Апалата ҳхы иархәаны, ҳтәылазы хра злоу азҵаатәқәа рзы, аилацәажәара ҟаҵаны амчра рыдгалара ҳалагар еиҳа еиӷьушәа снарбоит.

P.S. Абраҟа иазгәасҭароуп даҽакгьы. Рацәак аԥшра аҭахымхеит. Аԥсны аоппозициатә еиҿкаарақәа еицҿакны аҳәамҭа ҟарҵеит, ахада инапаҵаҟа аартра ргәы иҭоу аилазаара аринахыс ахалархәра иаԥсаны ишырымԥхьаӡо азы. Аҳәамҭа иҟарҵаз ҵаҵӷәыс иамоуп "Аԥсуа телехәаԥшрала иддырбаз арепортаж аҿы дара рхаҭарнакцәа рықәгыларақәа еицакны иахьаарԥшыз, иахьатәи аиҳабыра ацензура  ателехәаԥшраҿы ахы иахьанархәо, уаанӡа уи иаҿагыланы ишықәгылозгьы".

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0