Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шамԥҳа Пицундатәи астационар аусура иазкны

© Foto / предоставила Мадина Шамба Мадина Шамба
Мадина Шамба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 зыхьуаз ачымазцәа рзы еиҿкааз ҽынлатәи астационар аусзуҩы, адефектолог-алогопед, афельдшер Мадина Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит русура шеиҿкааз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шамԥҳа Пицундатәи астационар аусура иазкны

"Ачымазара иазыхиаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Гагра ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара анырацәаха, уахь ацара -аарагьы ус имариамыз, иазгәаҭан астационар Пицунда аартра. Ауаа аҭахуп ҳәа анҳарҳәа, зегьы ҳааидгыланы аусура ҳацҳаркит", - еиҭалҳәеит Шамԥҳа.

Ачымазаҩцәа рзы ҷыдала иаартыз астационар хәажәкырамза 15 рзы иаркхеит.

"Астационар анааҳартуаз аамҭазы Пицунда ачымазара мҽхакыҭбаала иҟан, ҽнак 16-18-ҩык ҳадаҳкылон. Ачымазаҩцәа гагрантә иаҳзаарышьҭуан, ирыхәҭаз апроцедурақәа ара имҩаԥаагон. Ҽнак аус руан ҩыџьа, аӡәы афельдшер егьы амедеиҳәшьа. Ачымазцәа ирыхәҭаз аусмҩаԥгатәқәа рыдагьы, ианаҭаххалак ҳара аҟәша ҳрыцқьон, еилҳаргон, ажәакала асанитарцәа рус ҟаҳҵон. Ицәгьазаргьы ҳхы ҳамеигӡакәа аус ҳуан", - еиҭалҳәеит Шамԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Пицундатәи ҽынлатәи астационар аҿы COVID-19 змоу апациентцәа ыҟамижьҭеи мызк ҵуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0