"Ҳтәылауаа ахԥатәи рыхәҭа анс аку арс аку, атуризм рнапы алакуп. Атуризм ахкқәа рҟнытә аԥыжәара амоуп аекскурсиатә, агәыбзиаратә, ашьханыҟәаратә, аныҟәаратә уҳәа. Ҳара ақыҭа-нхамҩатә ҳәынҭқароуп. Асовет аамҭазы Аԥсны мацара аҭахра акәым, иара Асовет еидгыла аҭахрагьы ханарҭәаауан. Усҟан иаадрыхуан иаҳа атехникатә культурақәа, ачаи, аҭаҭын. Ақыҭа алшарақәа ухы иархәаны уԥсы анушьо – ари агротуризм ауп. Аԥсшьаҩцәа ирылшоит ақыҭаҩнаҿы аангылара, атуристи аԥшәмеи еицынхо, ҳаԥсуа қьабзқәа дырдыруа, активтә аԥсшьара уахь иналаҵаны - ҽыла аныҟәара, аԥсыӡкра, аԥшәма ицхраара, иара амхы ҭагалараҿгьы, уҳәа абасала ақыҭа ԥсҭазаара иалархәны аҟаҵара. Иҟоуп еиуеиԥшым амодельқәа аԥсшьаҩы аԥара аныимшәо, баша дануцхраауа. Ари аус аурцаз, зны азакәан ҭыҵроуп агротуризм иазку. Уи Аԥсны аҿиаразы агәаанагара иҳамаз аминистр иҳарҳаит, анаҩс уи адгылара аиҭап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - еиҭалҳәеит Амԥарԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: