Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жьиԥҳа ажәытә аԥсуа кәасқьақәа рзы: агәыбылра ду сзынрыжьит

© Sputnik / Марианна Кубрава Cаида Жиба
Cаида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Анапаҵаҩра
"Ицәажәо аҭыӡқәа" захьӡу ажурналист Саида Жьиԥҳа лышәҟәы-альбом ҭыҵит ааигәа Ҭырқәтәыла. Уи ианылеит иахьа уажәраанӡа иааиз аԥсуаа ажәытә рынхарҭаҩнқәа. Арадио Sputnik аефир аҟны лара еиҭалҳәеит уи аҭыжьразы ахшыҩҵак шлызцәырҵыз.
Жьиԥҳа ажәытә аԥсуа кәасқьақәа рзы: агәыбылра ду сзынрыжьит

"Аԥсҭазаараҿы акгьы машәыршәа ишыҟамло ҩаԥхьа агәра згеит. Ҵыԥх Ҭырқәтәыла иҭсыжьит унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәо, ҳдиаспораҟны ауаа хатәрақәа ирызку альбом. Урҭ амшқәа рзы ҳаибадырит аԥсуа бырг Аҳмеҭ Ашәымхәеи сареи. Аԥсны инадҳәаланы еиуеиԥшым азҵаарақәа сзықәиргылон. Абри ҩышә шықәса рҟынӡа раԥхьа, амҳаџьырра ҟалаанӡа аԥсуаа рынхара-рынҵыра атәы уазҳәо акыр еиқәханы иҟоума ҳәа азҵаара ансиҭа, азныказы исҳәо сҿамшәо саанхеит, избанзар иахьа Аԥсны ҳабла ашьцылахьеит еилаԥсоу архитектура иаҵанакуа аҩнқәа. Ажәытәра рныԥшуеит рԥашьа рышшышьала аԥацхақәа. Егьыс аԥсуаа ржәытә ҩнқәа сымбацкәа сыҟан, аха "ишԥаҟам" сҳәеит… Раԥхьа сылаԥш иҵашәаз ауп Блабырхәа иҟоу Барцыцаа рыҩны. Убриаҟара сгәы иақәшәеит, иара уи аҩны амшьҭа бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, имҩақәҵаганы исзыҟалеит. Аҩны 150 шықәса ахыҵуеит", - лҳәеит Жьиԥҳа.

Лара иазгәалҭеит иҭылхыз ажәытә кәасқьақәа 52 рҟынтәи аныӡаара амҩа иқәгылоу шырацәоу.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0