Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жьиԥҳа Ҭырқәтәыла иӡыргаз лышәҟәы азы: ас ахә ршьоит ҳәа сазыԥшымызт

© Sputnik / Константин ГрецовСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Саида Жьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ҭырқәтәыла иҭлыжьыз лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" уаҟа аӡыргара шымҩаԥысыз.
Жьиԥҳа Ҭырқәтәыла иӡыргаз лышәҟәы азы: ас ахә ршьоит ҳәа сазыԥшымызт

"Ашәҟәы аӡыргара мҩаԥысит Анкара, Адаԥазар, Сҭампыл ақалақьқәа рҟны. Гәахәарыла ирыдыркылеит ашәҟәы афырхацәа, аиашазы сдырԥхашьеит, убриаҟара сџьабаа ахә ҳаракны иахьыршьаз. Ас еиԥш ирыдыркылоит ҳәа сазыԥшымызт. Адаԥазар ақалақь ашәҟәы аӡыргараҟны 90 шықәса ирҭысхьоу Ешьреф Гындиа иԥҳа длыманы даннеи иџьасшьеит, иқәра маҷым излаилшеи ҳәа. Ус иҳәеит: "Аԥснынтәи аӡә дааит, уибар иҭахуп ҳәа рҳәар, сыԥсны сышьҭазаргьы сгылоит". Ҳгәы арԥшааит уи", - лҳәеит  Жьиԥҳа.

Лара убасгьы еиҭалҳәеит Ҭырқәтәыла ақалақьқәа рҟны ашәҟәы аӡыргара амҩаԥгара зыбзоуроу, уи зхахьы изгаз ҳџьынџьуаа рыӡбахә.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0